«Ақырҭуа гәахтәы» алидерцәа Гыртәыла арегионалтә аиҿкаара ахаҭарнакцәа ирҧылеит
Анапхгратә партиа ахантәаҩы Иракли Кобахиӡеи, анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Мамука Мдинараӡеи, арегионалтә маӡаныҟәгаҩ Дмитри Самхараӡеи Гыртәыла арегион аҿы арегионалтә аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа ирҧылеит.
Апартиа апресс-маҵзура адыррала, Жәыргьыҭ, «Ақырҭуа гәахәтәы» аофис аҿы имҩаҧгаз аиҧылараан, аҭыҧаҿы аполитикатә ҭагылазаашьеи наҟ-наҟтәи апланқәеи ирылацәажәеит.
Аиҧылара рхы аладырхәит арегионалтә политикеи ахаланапхгареи азҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Созар Субари, Жәыргьыҭ амажоритартә депутат Иракли Чиқовани, Ҧуҭи Сенакии, Хобии амажоритартә депутат Иракли Хухубиеи, апартиатә напхгара егьырҭ хаҭарнакцәеи.