«Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәа апарламент аҿы аҭыԥқәа аанызкыло акандидатцәа рызҵаара иахцәажәоит
«Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәа ажабатәи ааԥхьара апарламент аҿы ҭыԥқәа аанызкыло акандидатцәа рызҵаара иахцәажәоит.
Қырҭтәыла Актәи аканал информациа ала, анапхгаратә гәыԥ аҿы авице-спикери акомитетқәа рхантәаҩцәеи ркандидатурақәа рыхцәажәоит.
«Ақырҭуа гәахәтәы» алахәыла Гиви Миқанаӡе Актәи аканал ахь ишааицҳаз ала, акадртә аиҭакрақәа рызҵаара макьана иӡбам.