Ақырҭуа гәахәтәы алахәыла – Натои Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа иаҳа еиӷьхоит, адинамика ҟазшьа аиуоит
Аминистериал Натои Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рформа аарԥшразы аҽазыҟаҵаратә етапуп, – иҳәеит Ақырҭуа гәахәтәы алахәыла Гьаргь Хелашвили.
Хелашвили иажәақәа рыла, ЕАШ администрациа ҿыц аҟны Евроатлантикатәи еимадарақәа рырӷәӷәра еснагь иалгылоз аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рацәаҩуп, ари Қырҭтәылазы ипозитиву ашьҭымҭоуп.
«Ахадацәа Обамеи Трампи рнапхгараан ишыҟазакәымкәа, Натои Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа иаҳа еиӷьхоит, адинамика ҟазшьа аиуоит. Қырҭтәыла ихиазароуп имҩаԥысран иҟоу еилаҵәажәарақәа рҽалархәразы. Нато амаӡаныҟәгаҩ хада идҵала иаԥҵаз аекспертцәа ргәыԥ рҳасабырба аҿы ишану ала, Қырҭтәылеи Натои реизыҟазаашақәа иҿыцу аетап ахь иасроуп, » – иҳәеит Хелашвили