«Ақырҭуа гәахәтәы» Аконституциа иалалараны иҟоу «Аҭаацәаратә ацқьареи зықәра имнеиӡац ахаҿқәа рыхьчареи» ирызку азакәанқәа рпакет цәырнагеит
«Ақырҭуа гәахәтәы» Аконституциа иалалараны иҟоу «Аҭаацәаратә ацқьареи зықәра имнеиӡац ахаҿқәа рыхьчареи» ирызку азакәанқәа рпакет цәырнагеит

«Ақырҭуа гәахәтәы» Аконституциа иалалараны иҟоу «Аҭаацәаратә ацқьареи зықәра имнеиӡац ахаҿқәа рыхьчареи» ирызку азакәанқәа рпакет цәырнагеит, – ааицҳаит абрифинг аҿы апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иажәақәа рыла, апакет 19 закәан рыла ишьақәгылоуп – ашьаҭатәи закәани 19 иацу 18  закәанқәеи: Актәи – аҭаацәара алалара иазку, аҩбатәи  – ԥас (ԥҳас) аҟаҵара иазку, ахԥатәи – ахаҵара-ԥҳәысра аԥсахра иазку аоперациақәа рымҩаԥгаразы ақәиҭымтәра иазку, аԥшьбатәи – аҳәынҭқарра аҟынтә атәылауаҩ иоуа адокументқәа рҿы ахаҵара ма аԥҳәысра ацынхәрас, даҽа жәла аарԥшразы ақәиҭымтәра иазку, ахәбатәи – аҵарадырра ахырхарҭаҿ LGBT апропаганда аларҵәара ақәиҭымтәра иазку, афбатәи – аинформациа аларҵәара иазку, абжьбатәи – аизарақәеи аманифестациақәеи ирызку, аабатәи – аџьа иазку еизыҟазаашьақәа ирызку.

Иара убас лаҵара 17 – Аҭаацәаратә ацқьара мшны ирылаҳәоуп.