"Ақырҭуа гәахәтәы" аҟынтә Қарҭ ахада иҭыԥ азы акандидат иахьа дықәдыргылоит
“Ақырҭуа гәахәтәы – адемократиатә Қырҭтәыла” аҟынтә Қарҭ ахада иҭыԥ ахь акандидат иахьа иқәдыргылоит, – аинформациа ианылеит “Ақырҭуа гәахәтәы” Феисбук адаҟьа.
Иҟоу адыррақәа рыла, аҭыԥантәи халанапхгараҭарахь алхрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Қарҭ ахада иҭыԥ ахь акандидат идгалара Мҭаҵминдатәи апарк аҿы мҩаԥысуеит.
Ауснагӡатә асааҭ 20:00 рзы иалагоит.