Апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы – Адемократиатә Қырҭтәыла» аизараду мҩаҧысуеит ажьырныҳәа 16 рзы, — анапхгаратә партиа анагӡратә маӡаныҟәгаҩ Каха Калаӡе ари атәы ааицҳаит «Ақырҭуа гәахәтәы» аофис аҿы имҩаҧгаз апартиа аполитхеилак аилатәара ашьҭахь.
Калаӡе ишиҳәаз ала, аизараду аҿы апартиа ахантәаҩы ҿыц далырхуеит, аполитхеилак аӡбра ала, ари аҭыҧ азы кандидатс дықәдыргылоит Иракли Кобахиӡе.
«Биӡина Иванишвили ицара — ҳәарада, ҳпартиазы проблема дууп, уажәазы аҭакҧхықәра ду ҳадуп Биӡина Иванишвили дызлагаз аус аҵыхәанӡа анагареи европатәи аҳәынҭқарра аргылареи, адемократиеи ауаҩытәыҩса изинқәа рырҕәҕәареи, ҳтәылауаа рыҧсҭазаашьа аиҕьтәреи, аҕарра аҧыхреи, мраҭашәаратә структурақәа рахь аинтеграциеи азы, абарҭ ахықәкқәа рынагӡаразы есымша аусура ду амҩаҧгара ҳақшәоит, ҳара хымҧада абарҭ ахықәкқәа наҳагӡоит», — иҳәеит Каха Калаӡе.