«Ақырҭуа гәахәтәы» аделегациа алахәылацәа Китаи аиҧыларақәа мҩаҧыргеит
Аофициалтә визитла Китаи иҟоу «Ақырҭуа гәахәтәы» аделегациа алахәылацәа Китаи анапхгаратә партиа жәларбжьаратәи аҟәша анапхгаҩы, аминистр Лу Цзианчаои, аминистр ихаҭыҧуаҩи, Китаи Аҳәынҭқарратә хеилакаҿ иҟоу аҿиара аҭҵааразы адепартамент авице-ахадеи ирҧылеит.
«Аусеицура арҭбаара ҳалацәажәеит. Ҵыҧхтәи ашықәс Китаии Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рзы аҭоурыхтә ҵакы аман. Ҳара астратегиатә партниорра иазу аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит, уажәазы абри аиқәшаҳаҭра анагӡароуп хықәкыс иҳамоу, абри ауп ҳвизитгьы зызку. Китаи аҟны аусеицура ҳтәылазы аҵакы ду амоуп, аполитикатәгьы аекономикатәгьы аусеицура ҳара ҳзы иаҵанакәа рацәоуп, уи ҳтәылеи ҳуааҧсыреи алҵшәа бзиақәа рзаанагар алшоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аделегациа анапхгаҩы Иракли Кобахиӡе.