«Ақырҭуа гәахәтәи» аоппозициеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа ахәбатәи араунд иахьа имҩаҧысуам
«Ақырҭуа гәахәтәи» аоппозициеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа ахәбатәи араунд иахьа имҩаҧысуам. Актәи аканал ари аинформациа азышьақәдырҕәҕеит Евроеидгыла аофис аҿы.
Аиҿцәажәарақәа аҧшьбатәи араунд мҩаҧган ҧхынҷкәын 8 рзы. Аиҧыларақәа ирылахәып Қырҭтәыла иҟоу Америкеи Евроеидгылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Келли Дегнани Карл Ҳарцели.