Ақырҭуа аруаа жәларбжьаратәи азыҟаҵарақәа рҿы араӡнытә медалқәа ргеит
Ақырҭуа аруаа жәларбжьаратәи азыҟаҵарақәа рҿы араӡнытә медалқәа ргеит

Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа аруаа Британиа Ду имҩаҧысуаз арратә азыҟаҵарақәа  Cambrian Patrol 2022 рҿы қәҿиарала иқәгылеит.

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра адыррала, ақырҭуа аруаа Уельсынтә ихынҳәит араӡнытә медальқәа рыла.

«Азыҟаҵарақәа ирылахәын Аҧшыхәратә департамент агәыҧ  J-2-и Аоперациатә ҷыдақәа рзы амчқәа ареинџьерцәа рбаталиони.   10 мшы инагӡоз аицлабрақәа ирылахәын  30 ҳәынҭқаррақәа ркомандақәа.

Азыҟаҵарақәа  Cambrian Patrol 1959,  1959 шықәса инаркны имҩаҧысуеит.