Ақырҭуа аоппозициаа агәыҕыра рымоуп Шарль Мишель ивизит атәылаҿы аполитикатә кризис аҭыҧқәҵара иацхраап ҳәа
«Иаку амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнак Саломе Самадашвили ишылҳәаз ала, Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель ивизит аҵакы ду амоуп, ари авизит алагьы Урыстәыла лабҿаба ирбар рылшоит Европатәи Ахеилак Қырҭтәыла астратегиатә интересқәа шамоу.
Самадашвили лажәақәа рыла, Европатәи Ахеилак ахада ақырҭуа оппозициаагьы дырҧылоит.
«Иахьа аҽазыҟаҵаратә аиҧылара ҳаман. Уаҵәы Мишель ианиҧыло ҳазлацәажәаша азы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель ивизит аҵакы ду амоуп ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар, ари авизит алагьы Урыстәыла лабҿаба ирбар рылшоит Европатәи Ахеилак Қырҭтәыла астратегиатә интересқәа шамоу. «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа мраҭашәаратә ҳпартниорцәа рҳәатәы иазыӡырҩыр, атәылаҿы иҟоу аполитикатә кризис ҳтәыла астратегиатә интересқәа ишырҧырхагоу еилкааны, иашьашәалоу ашьаҿақәа ҟарҵап ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит Саломе Самадашвили.