Ақырҭуа альпинизм ақәҿиара ду  - Ҳальпинистцәа  "Ахьтәы аҵааеиха" аҧхьахә ранашьоуп
Ақырҭуа альпинизм ақәҿиара ду  - Ҳальпинистцәа  "Ахьтәы аҵааеиха" аҧхьахә ранашьоуп

Ақырҭуа альпинистцәа Бакур Гелашвилии, Арчил Бадриашвилии, Гьаргь Тепнаӡеи  адунеитә альпинизм аҿы зегьы реиҳа зпристиж дуу аҧхьахә «Ахьтәы аҵааеиха» ранашьоуп. Ҳальпинистцәа ари аҧхьахә роуит Сарагар  (Пакистан иҟоу ашьха ақәцәа) ахаларазы, дара ари ашьха раҧхьатәи ампыҵахалаҩцәа роуп.

1992 шықәса инаркны афранцыз газеҭ  «Монтани» абри аҧхьахә  иреиҕьу альпинистцәа ирананашьоит.   Аноминантцәа ааадырҧшуеит альпинисттә сезон цыҧхьаӡа алҵшәақәа инрықәыршәаны, анеҩс, акандидатцәа ирыхәаҧшуеит ажиури ҷыда.  «Ахьтәы аҵааиха»  альпинизм аҿы «Оскар» ҳәа иашьҭоуп, избанзар, уи абри аспортхкы аҿы иреиҳаӡоу анашьамҭоуп.

Аҳамҭаҭара ацеремониа мҩаҧгахоит абҵара  18-20 рзы, афранцыз ашьхаҳаракыратә ақалақь  Бриассон.