«Ақырҭуа гәахәтәы» - «Жәларбжьаратәи алабҿабара - Қырҭтәыла» ииашам аинформациа аларҵәареи аспекулиациатә аҳәамҭақәеи рыла даҽазнык ауааҧсыра ржьара рҽазыркит
«Ақырҭуа гәахәтәы» - «Жәларбжьаратәи алабҿабара - Қырҭтәыла» ииашам аинформациа аларҵәареи аспекулиациатә аҳәамҭақәеи рыла даҽазнык ауааҧсыра ржьара рҽазыркит

«Ақырҭуа гәахәтәы» иаларҵәаз аҳәамҭа ишану ала,   «Жәларбжьаратәи алабҿабара – Қырҭтәыла» ииашам аинформациа аларҵәареи аспекулиациатә аҳәамҭақәеи рыла даҽазнык ауааҧсыра ржьара рҽазыркит.

Аҳәамҭаҿы  «Жәларбжьаратәи алабҿабара  — Қырҭтәыла» иаланарҵәаз аматериалқәа ирылацәажәеит. Арҭ аматериалқәа инрықәырәшаны,  «Антикоррупциатә биуро анапхгаҩы  Раджен Купрашвили Биӡина Иванишвили ималтә декларациа цәыригом».

«Ҳара „Жәларбжьаратәи алабҿабара  — Қырҭтәыла“ иаланарҵәаз даҽа дезинформациак ҳахцәажәар ҳахуп. Уаҟа иануп  2024 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа рышьҭахь „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахаҭыртә хантәаҩы  Биӡина Иванишвили амалтә декларациа ахарҭәааара иуалызшәа, избанзар, иара аамҭакьаҿ иалагӡаны апарламент адепутатс дыҟан, аха, иашьашәалоу асаит аҿы идекларациа иарбам.

Ажәлар идҳардырыр ҳҭахуп азакәан инақәыршәаны,  2024 шықәса жьҭаара 4 рзы Биӡина Иванишвили, апарламенттә алхрақәа рҿы адепутатразы акандидат иаҳасабала,  амалтә декларациа шхаирҭәааз.  Ари адекларациа ацәыргара иаҳәон  „Арадио Ахақәиҭрагьы“, 2024 шықәса жьҭаара 31 рзы зыӡбахәы ҳәоу  арадио ала ари атемазы икьыҧхьан астатиа: „Иванишвили иҭаацәара рмал арбара: Қырҭтәылеи, Урыстәылеи, Франциеи рҿы“.

Биӡина Иванишвили аамҭакьаҿла апарламенттә адепутатс дахьыҟаз аҟынтә адекларациа ахарҭәаара ихәҭазшәа  „жәларбжьаратәи алабҿабара  — Қырҭтәыла“ иҟанаҵаз аҳәамҭа мцуп. Ишәгәалаҳаршәар ҳҭахуп  „Акоррупциа аҿагылара иазку“ Қырҭәтыла азакәан инақәырәшаны, ауаҩы Аҳәынҭқарратә маҵзура абиуро ашҟа адекларациа алаҵара шиуалу амаҵзураҭыҧ аанкылара инаркны ҩымз ирхымгакәа. Иара убас, ари азакәан инақәыршәаны, ауаҩы аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы ҩымз иреиҳамкәа аус иуазар, абри аҩыза аҧхықәра идым.

Азакәан инақәыршәаны, апарламент адепутатразы акандидат амалтә декларациа хаирҭәаароуп арегистрациа ашьҭахь мчыбжьык иахымгакәа.

Абарҭ аҭагылазаашьақәа инрықәырәшаны, лабҿаба иубарҭоуп иҳәынҭқарратәым аиҿкаара  „Жәларбжьаратәи алабҿабара  — Қырҭәтәыла“ имцырку аинформациа шаланарҵәо.  XI ааҧхьара апарламент адепутатцәа рзинмчқәа, Биӡина Иванишвили изинмчқәагьы, иазханаҵеит   2024 шықәса абҵара 25 рзы имҩаҧгаз раҧхьатәи аилатәараҿы. Иара идепутаттә зинмчқәа аанкылан зыӡбахәы ҳәоу ашықәс ҧхынҷкәын 10 рзы. Убри аҟынтә, Биӡина Иванишвили ари аҭыҧаҿ иҟазаара аҿҳәара ҩымз иреиҳам.

«Жәларбжьаратәи алабҿабара – Қырҭтәыла» ииашам аинформациа аларҵәареи аспекулиациатә аҳәамҭақәеи рыла даҽазнык ауааҧсыра ржьара рҽазыркит», — иануп  «Ақырҭуа гәахәтәы» аҳәамҭаҿы.