«Ақырҭуа гәахәтәы» Еммануел Макрони Биӡина Иванишвилии рҭелтә еиҿцәажәара иазкны иацҵаны аинформациа аланарҵәеит
Аинформациа ишану ала, иҵабыргны, Франциа ахада иаанкылоу ауаа рхақәиҭтәра азҵаара дазааҭгылеит.
«Апартиа аҳаҭыртә хантәаҩы Франциа ахада ишиеиҳәаз ала, иаанкылоу реиҳара административтә баандаҩтәраҿы иҟоуп, хара имгакәа рызынтәгьы рхы иақәиҭзаауеит. Ашьауҕатә ахарадҵарала иҭаку ауаа ирыдҳәаланы Макрон иарҳәеит Қырҭтәыла азинтә ҳәынҭқарра шакәу, ацәгьауцәа зегьы азакәан инақәыршәаны аҭакҧхықәра шрыду. Иара убас, Биӡина Иванишвили Франциа ахада иеиҳәеит ақырҭуа полициа зымҽхак дуу амчылара ишаҿагылаз, ақырҭуа полицаицәа европатәи астандартқәа раасҭа иаҳа иҳараку астандартқәа рыла аус шыруаз. Апартиа аҳаҭартә хантәаҩы иҳәамҭала, аконкреттә фактқәа рзы аусеилыргара мҩаҧысуеит», — иануп адырраҿы.
«Ақырҭуа гәахәтәы» аҭелтә аиҿцәажәара иазку аинформациа аланарҵәеит сааҭқәак раҧхьа. Иара убас, аиҿцәажәара иазку аинформациа кьыҧхьын Елисеитәи ахан асаит аҿы.