«Ақырҭуа гәахәтәы» еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы азакәанҧҵара зырџьбаро аинициативақәа иқәдыргылеит
«Ақырҭуа гәахәтәы» еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы азакәанҧҵара зырџьбаро аинициативақәа иқәдыргылеит

«Алҵшәада атәыла анапхгараҭара зыхҟьаз азакәанқәа рыҧсахра амзызла, ҳара азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа рыдкылара ҳалагоит. Арҭ аҧсахрақәа рыбзоурала, ажәлар иалырхыз аиҳабыра  аҳәынҭқарра анапхгараҭаразы иаҭаху анормақәеи амеханизмқәеи рымазаауеит», – иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер  Мамука Мдинараӡе.

Мдинараӡе иажәақәа рыла,  «бжеиҳарала, аҳәаанырцәтәи амчқәа рыла ибзианы иазыҟаҵоу ҧшьышәҩык раҟара роуп 4 миллионҩык ҳтәылауаа рзинқәа еилазго, абри аиашамра аҧыхразы  азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа рыдкылара ҳалагоит».

Аконкреттә аҧсахрақәа ирыдҳәаланы  Мамука Мдинараӡе иҳәеит:

«Раҧхьа иргыланы, Административтә азакәанеидкылаҿы регулиациақәак иаҳа иџьбарахоит. Иаҳҳәап, иарку ахыбрақәа рҿы аҧшәмацәа рықәшаҳаҭрада акциақәа рымҩаҧгара ҟалом. Административтә аанкыларақәа рзы ахараҧсеи аанкылара аҿҳәареи иацлоит ( 60 мшы рҟынӡа).

Административтә азинеилагарас иҧхьаӡахоит аҳәынҭқарратә политикатә усзуҩцәеи аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәеи дара имҩаҧырго аусура иадҳәаланы  ажәала раҳаҭыр аларҟәра, уи азгьы иџьбароу асанкциақәа иазҧхьагәаҭоуп.

Аҵыхтәантәи аамҭазы иаабаз апсевдолибералцәа рфашисттә ауранагӡара аҧыхра амзызла, Ашьауҕатә закәанеидкыла аҧсахрақәа алаагалоит.

Лымкаала: ҧаса амчыларатә ауранагӡаразы ааҧхьаразы   ахараҧса мацара иазҧхьагәаҭан. Иҳадаҳкылараны иҟоу аҧсахрақәа инрықәыршәаны, наҟ-наҟ, абри аҩыза ааҧхьаразы хышықәсанӡа аҭакра иазҧхьагәаҭахоит.

Аполицаицәа  рҳәатәы анамгӡареи, рықәмақарреи, дара рганахьала амчылареи ихьанҭоу ацәгьаурас иҧхьаӡахоит, уи азы  5 шықәса инаркны  6 шықәсанӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп», – иҳәеит Мамука Мдинараӡе.