«Ақырҭуа гәахәтәы» — Биӡина Иванишвили асанкциақәа изышьақәдыргылар, лабҿаба иубарҭахоит Британиа Ду Европарламенти, Естониеи, Украинеи, Литвеи рыҩаӡаранӡа ишылаҟәыз, уи рыцҳароуп
«Биӡина Иванишвили асанкциақәа изышьақәдыргылар, лабҿаба иубарҭахоит Британиа Ду Европарламенти, Естониеи, Украинеи, Литвеи рыҩаӡаранӡа ишылаҟәыз, уи рыцҳароуп», — иануп «Ақырҭуа гәахәтәы» аполитхеилак аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭа ишану ала, Қырҭтәыла авторитартә напхгара аҧызхыз, атәылаҿ адемократиатә аиҭакрақәа еиқәзыршәаз, анапхгаратә партиа алидер асанкциақәа рыла иқәмақаруеит.
«Қырҭтәыла авторитартә напхгара аҧызхыз, атәылаҿ адемократиатә аиҭакрақәа еиқәзыршәаз, ауаа рышьреи рыргәаҟреи асистематә практикеи, абизнес-рекети, АИХқәа рымпыҵахалареи, алхрақәа рҧаршеиреи аҵыхәа ҧызҵәаз, 12 шықәса ирылагӡаны атәылаҿ аҭынчра еиқәзыршәо, аекономика шьҭызхыз анапхгаратә партиа алидер изакәызаалак шьаҭак ада асанкциақәа рыла иқәмақаруеит. Асанкциақәа шьақәдыргылар, Британиа Ду аҳаҭыр ацәыӡуеит. Аха, Аглобалтә аибашьра апартиа аҳәынҭқаррақәа рацәа ишанарбгаз ҳахәаҧшыр, Британиа ду абгареи акаҳареи усҟак ирыцҳарам», — иануп «Ақырҭуа гәахәтәы» аполитхеилак аҳәамҭаҿы.
Британиа Ду 14ҩык адепутатцәа Ауаҧшь палата аинициатива аларгалеит Биӡина Иванишвили асанкциақәа изышьақәыргыларазы.