„Ақырҭуа гәахәтәы“ ашьаҭакҩи аҳаҭыртә хантәаҩи Биӡина Иванишвили ибизнесцентр аҿы Ильҳам Алиеви азербаиџьантәи аделегациеи рыдыркылеит
„Ақырҭуа гәахәтәы“ ашьаҭакҩи аҳаҭыртә хантәаҩи Биӡина Иванишвили ибизнесцентр аҿы Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиеви азербаиџьантәи аделегациеи рыдыркылеит. Ари аинформациа аланарҵәеит „Ақырҭуа гәахәтәы“ апрессмаҵзура.
„Ақырҭуа гәахәтәы“ апрессмаҵзура адыррақәа рыла, Биӡина Иванишвили Ильҳам Алиев Қырҭтәыла ивизит азы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәа зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәоуп, арҭ аизыҟазаашьақәа аҩ-тәылак хырҳагара ду рзаанагоит.