“Ақырҭуа жәлар асанкциақәа рыла аӡәгьы иршәар илшом, избан акәзар ауаажәларра ибзианы еилыркаауеит иарбанзаалак асанкциақәеи атәыла аилаҳара аҽазкреи реиҿырԥшра шыҟамло. Убри аҟнытә, Қырҭтәыла аиҳабыра атәыла аилаҳаратә еибашьра аҽалагалара алшара аӡәгьы ииҭом”, – иануп “Ақырҭуа гәахәтәы” аполитикатә хеилак аҳәамҭаҿы.
Аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, ақырҭуа жәлар асанкциақәа ирыцәшәаны, Қырҭтәыла аукраинизацииа зин аӡәгьы ирҭом.
Аҳәамҭаҿ ишану ала, ақырҭуа аполитикцәеи ачынуааи рганахьала асанкциақәа ралагалара урҭ аҭынчра ахьазықәԥо иадҳәалоуп.
“Қырҭтәыла иахьа уажәраанӡа аџьабаа дуи акомпромиссм змам ақәԥареи рыбзоурала украинатәи асценари аҿагылара алшеит, аха аҭынчразы ақәԥара нагӡоит. Украина актәи афронт ахьынӡаҟо, аҩбатәи афронт Қырҭтәыла аартра аинтерес иҟазаауеит. Абри азоуп еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа аглобалтә аибашьра апартиеи “диԥ сҭеиҭи” рнапала, иконкрету аҳәынҭқаррақәа рыдҵала ақырҭуа политикцәеи ачынуааи рганахьала асанкциақәа изрыдыркылаз. Ақырҭуа жәлар еиқәхарц азы, Қырҭтәыла аукраинизацииа аԥырҟәҟәааразы аҵыхәанӡа иқәԥароуп. Абри ала, ҳара Европагьы аус бзиа азыҟаҳҵоит, Европа атәылақәа реиҳарак “диԥ сҭеиҭ” ахәмарра иалахәып, рмилаҭтә интересқәа рыхьчара рылшом.
Евроеидгыла абиурократиатә хәынаӡарақәа рҭагылазаашьа иахьа даара ицәгьоуп, ари ибзиаӡаны иубарҭоуп Европатәи Апарламент Қырҭтәыла иазкны иаднакылаз хә-резолиуциак рыла. Арҭ арезолиуциақәа рыла Европатәи Апарламент Биӡина Иванишвили ашьауӷа иқәҵареи, Саакашвилии егьырҭ ацәгьоуцәеи раушьҭреи, LGBT-пропаганда иаҿагыло азакәан мап ацәкреи идҵаны иқәнаргылон.
Аҵыхәтәантәи, ахәбатәи аӡбараҿы Европатәи Апарламент иаднакылеит иӷәӷәоу ахәмарцәагьы ахаан иаартны ирымҳәоз арезолиуциа – Урыстәыла аганахьала асанкциақәа ралагалареи Қырҭтәыла аекономика аилабгареи. Европатәи Апарламент афбатәи арезрлиуциаҿы Урыстәылеи ҳареи аибашьра ҳалагарц ааԥхьара ҟанаҵар алшоит. Иҷыдоу ашьақәырӷәӷәара аҭахӡам, ҳәынҭқаррақәак рыла иқәдыргылаз асанкциақәа рформалтә шьаҭа зынӡа ишаҵанамкуа. Биӡина Иванишвили санкциақәа иқәырҵоит Қырҭтәыла ашьакаҭәаратә авторитаризм адемократиатә напхгара ала аԥсахразы, ауаа ргәаҟрақәеи рышьрақәеи, абизнес арекети, амедиа амҵарсреи, алхрақәа реилахәареи, атәыла аекономика 28 миллиард рҟынтәи 90 миллиард рҟынӡа аизҳареи, 12 шықәса ирылагӡаны аҭынчра ахьчара азы. Вахтанг Гомелаурии 2008 шықәсазы аибашьра иалахәыз егьырҭ ахаҿқәеи, агәымшәара злаз аполициа аусзуҩцәеи асанкциақәа рықәырҵоит иҳаҩсыз ҩышықәса ирылагӡаны хынтә ақәымчратә ахықәҵаратә ҽазышәарақәа рыԥхьырҟәҟәааразы”, – иануп аҳәамҭа аҿы.
Аглобалтә аибашьра апартиа ахатә агентцәа рырҽхәара нанагӡоит. Абри алогика инагӡоит “диԥ сҭеиҭ” Бидзина Иванишвили аҭынчразы данахьырхәо. Ақырҭуа жәлар ари зегьы ибзианы еилыркауеит. Аҵак ду амоуп Қырҭтәыла аганахьала асанкциақәа раԥхьаӡа акәны Украина анапхгара ахьрыдырҵаз, украинатәи ачынуаа иаартны Қырҭтәыла анапхгара рахь аҩбатәи афронт аартразы ааԥхьара ҟарҵон. Уи ашьҭахь Балтикатәи атәылақәа асанкциақәа ралагалара иалагеит. Аамҭакала ашәқәа рҟны имҩаԥысуаз аиԥыларақәа раан идҵаны иқәдыргылоз аҳәарақәа аргамахеит “Шәеибашьуеит, мамзаргьы ахьырхәра шәоуеит ҳәа”.
Ақырҭуа жәлар асанкциақәа рыла аӡәгьы иршәар илшом, избан акәзар ауаажәларра ибзианы еилыркаауеит иарбанзаалак асанкциақәеи атәыла аилаҳара аҽазкреи реиҿырԥшра шыҟамло. Убри аҟнытә, Қырҭтәыла аиҳабыра атәыла аилаҳаратә еибашьра аҽалагалара алшара аӡәгьы ииҭом”, – иануп “Ақырҭуа гәахәтәы” аполитикатә хеилак аҳәамҭаҿы.