Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы амаҵзура аиқәырхаҩцәа, Ҭырқәтәыла, Адыиаман ақалақьаҿ имҩаҧысуа аҧшааратәи аиқәырхаратәи усурақәа раан даҽаӡә деиқәдырхеит. Аопераца 20 сааҭ инагӡон. Актәи аканал акорреспондент ишааицҳаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аҧҳәыс лҟны аимадара рыман, лара ахәышәтәырҭашҟа днагоуп.
Ҭырқәтәыла имҩаҧысуа аиқәырхаратә операциа иалахәып 100ҩык ақырҭуа аиқәырхаҩцәа.
Ҭырқәтәыла, аҧсабаратә рыцҳара азонаҿ аус ауеит Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхратә гәыҧ.