Ақалақьтә аӡбарҭаҿ Михеил Саакашвили ихьырхәра ахыԥара иазкә апроцесс мҩаԥысуеит
Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭаҿ Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили ихьырхәра ахыԥара иазкә апроцесс мҩаԥысуеит.
Апроцесс анахарала Саакашвили иҽалархәрада мҩаԥысуеит. Аӡбаҩ Гиорги Ареваӡе аилатәараҿ даԥхьеит апенитенциартә маҵзура ашәҟәы, уи ала апенитенциартә маҵзура Михеил Саакашвили апроцесс анахарала аҽалахәра аиқәыршәара алшом. Иара убас аӡбаҩ дзыԥхьаз “Вивамед” аҟынтә иоуз ашәҟәы, уи инақәыршәаны, аҳақьым, Саакашвили игәамбзиара амзызла, уи апроцесс ахь ииагаразы арекомендациа ҟаимҵаӡеит.
Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили ихьырхәра ахыԥара иазку азыҳәара адукатцәа ҟарҵеит.
Ақалақьтә аӡбарҭа аԥхьа аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәеи Саакашвили идгылаҩцәеи еизеит.