Қырҭтәыла Ақььырсиантә-бaптисттә уaхәaмa Иаса Қьырса иирамш иaзгәaнaҭоит.
Қырҭтәыла Аҩырацқьа иаҵанакуа ақьырсианреи ауахәамеи реидгылаҿ аныҳәатә анцәа имаҵура аныхабаа аиҳабы Леван Ахалмосулишвили Матфеи иҩырацқьа аҧхьарала далагеит. Аныхабаа аиҳабы еидгылаҿ еизаз ақьырсианцәа Иаса Қьырса иирамш рыдиныҳәалан, аҩырацқьантә Қьырса иира иазку ахәҭаҷ дырзаҧхьеит.