Апротест аиҿкааҩцәа рҳәамҭала, абҵара 28 рзы Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҟынтә Русҭавели имҩаду аҟынӡа амарш мҩаҧыргоит
«Шықәсык ҵит Урыстәыла иадгыло «Ақырҭуа гәахәтәы» аламысдаратә режим атәыла европатәи амҩеи, Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҳәынҭқаррареи аргама мап ацәыркижьҭеи», — иҳәеит апротест аиҿкааҩцәа иреиу Леван Џьобава Русҭавели имҩаду аҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
Џьобава ишиҳәаз ала, иара ари аҳәамҭа даҧхьеит атәылауаҩратә аиҿкаарақәеи, апротесттә гәыҧқәеи, аполитикатә партиақәеи, аполитбаандаҩцәа рхаҭарнакцәеи рыхьӡала.
«Ахақәиҭра иазықәҧо ақырҭуа жәлар шықәсык иалагӡаны ауаа рбаандаҩтәреи раҳаҭыр аларҟәреи азы аҭак ҟарҵоит еиҧҟьарада инагӡо ақәҧареи аидгылареи ала.
Европатәи аҧеиҧш мап ацәызкыз Биӡина Иванишвили иоуп аконституциатә аарҳәра ҟазҵаз.
Ҳара ҳтәыла ахьыҧшымреи, Аконституциеи, европатәи аҧеиҧши, ҳтәыла аидҵареи, Қырҭтәыла ауааҧсыра ршәарҭадареи рмышхәыбзазареи ҳазықәҧоит. Абри зегьы ҟалар ауеит европатәи ақәыҧшылараҿы, зхы иақәиҭу адунеиаҿ.
Аполитбаандацәа рахь ҳхы рханы иаҳҳәар ҳҭахуп: ижәдыруазааит, шәара шәхы шәақәиҭхаанӡа, арежим еилаҳаанӡа, алхрақәа ҿыцқәа ҟалаанӡа ақәҧара ҳаҟәыҵраны ҳаҟам.
Абҵара 28 асааҭ 19:00 рзы Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет аҧхьа ҳаизаны, Русҭавели имҩаду ашҟа ҳдәықәлоит. Ҳара абра ҳаҟоуп, ҳара иаҳа ҳрацәоуп, аҵыхәанӡа, аиааиранӡа ақәҧара наҳагӡоит», — иҳәеит Леван Џьобава.