Апроцедуратә зҵаарақәа рзы акомитет аоппозициатә 3 партиак 49ҩык рылахәылацәа рдепутаттә зинмчқәа раанкылаара иақәшаҳаҭхеит
Апроцедуратә зҵаарақәа рзы акомитет аоппозициатә 3 партиак 49ҩык рылахәылацәа рдепутаттә зинмчқәа раанкылаара иақәшаҳаҭхеит.
Акомитет алахәылацәа абиуро ашҟа иашьашәалоу ақәҵара дәықәырҵеит, аҵыхәтәантәи аӡбара рыдыркылоит апленартә аилатәараҿы.
Аоппозициатә 3 еидҵарак — «Аиҭакрақәа рзы акаолициа — Гварамиеи, Мелиеи, Гирчи», «Қырҭтәыла ҕәҕәа — Лело», «Иаку амилаҭтә ҵысра» — рдепутаттә зинмчқәа раанкыларазы апарламент арзаҳал аларҵеит. Апартиа «Гахариа Қырҭтәылазы» ахаҭарнакцәа апарламент ааларазы мап ркит, аха, рдепутаттә зинмчқәа раанкыларазы аофициалла апарламент арзаҳал аларымҵеит.