Апрокурорцәа рхеилак Қырҭтәыла апрокурор хада иҭыԥ ахь Гьаргь Габиташвили икандидатура ықәнаргылеит
Апрокурорцәа рхеилак Қырҭтәыла апрокурор хада иҭыԥ ахь Гьаргь Габиташвили икандидатура ықәнаргылеит

Апрокурорцәа рхеилак Қырҭтәыла апрокурор хада иҭыԥ ахь Гьаргь Габиташвили икандидатура ықәнаргылеит.

Иацтәи еилатәараҿ Қырҭтәыла апрокурор хада иҭыԥ ахь акандидатцәа ралхразы абжьыҭира мҩаԥган.  Иалхын хкандидатурак – Виктор Ахалбедашвили, Дареџьан Буцхрикидзе, Гьаргь Габиташвили. Гьаргь Габиташвили икандидатура 11 бжьы аиуит.

Апрокурорцәа рхеилак Қырҭтәыла апрокурор хада иҭыԥ ахь алнахыз Гьаргь Габиташвили икандидатура Қырҭтәыла апарламент ашҟа ирышьҭуеит.