Апрокуратура трансмилаҭтә ацәгьоура аанарԥшын, ҩыџьа атәым тәылауаа аԥара аршкәакәаразы ахара рыднаҵеит
Қырҭтәыла апрокуратура трансмилаҭтә ацәгьоура аанарԥшын, ҩыџьа атәым тәылауаа аԥара аршкәакәаразы ахара рыднаҵеит, – аланарҵәеит Қырҭтәыла апрокуратура.
Аусԥшааратә усҳәарҭа аинформациа ала, имҩаԥгаз аусԥшаара аан ишеилкаахаз, Виетнам атәылауаҩи иҩызеи изакәандароу ҩмиллион лари аеквивалент арыцқьара рылшан, алегалу аикәшарахь алаҵара рылшеит.
Изакәаным ахашәала алегализациа афакт иадҳәаланы, агәыԥтә ацәгоуразы аусԥшаара хацыркын. Ари ацәгьоуразы иазыԥхьагәаҭоуп 9 шықәса инаркны 12 шықәсанӡа аҭакра.