Апрокуратура Давид Гареџьи аус азы иаанкылоу ахаҿқәа 30 000 лари ашас ԥара ацынхәрас роужьҭразы азыҳәара ҟанаҵеит
Апрокуратура Давид Гареџьи аус азы иаанкылоу ахаҿқәа 30 000 лари ашас ԥара ацынхәрас роужьҭразы азыҳәара ҟанаҵеит

Апрокуратура Давид Гареџьи аус азы иаанкылоу Наталиа Иличевеи Ивери Мелашвилии 30 000 лари ашас ԥара ацынхәрас роужьҭразы азыҳәара ҟанаҵеит.

Ахарадҵаҩцәа ирымоу аҳәара инақәыршәаны, ахара зду ахаҿқәа аҳәынтқарратә ҳәаа ахысра зин рымам, иара убас урҭ рнапынҵақәа шьҭарҵароуп.

Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа аԥхьа акциа мҩаԥысуеит. Акциа рхы аладырхәоит аполитикатә партиақәа рхаҭарнакәеи атәылауааи.

Давид Гареџьи аус азы ҵыԥх, жәабран 7 рзы иаанкылан Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусуз Ивери Мелашвилии Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусуҩ Наталиа Иличевеи. Қырҭтәылa aпрокурaтурa хaдa, Қырҭтәылa aҵaкырaдгьыл хәҭaк дaҽa ҳәынҭқaррaк aҭaрa aфaкт aзы aусеилыргaрa ҳацнаркит.