Апрокуратура амедиеҳәшьа Меги Бақраӡе лус азы Ахалцихетәи аклиника "Имеди" аҳақьым ахарақәҵаратә аӡбара аднакылеит
Апрокуратура амедиеҳәшьа Меги Бақраӡе лус азы Ахалцихетәи аклиника "Имеди" аҳақьым ахарақәҵаратә аӡбара аднакылеит

Қырҭтәыла апрокуратура амедиеҳәшьа Меги Бақраӡе лус азы Ахалцихетәи аклиника “Имеди” аҳақьым ахарақәҵаратә аӡбара аднакылеитю

Ари атәы аарыцҳаит Апрокуратураҿ имҩаԥгаз абрифинг аҿы.

Апрокуратура аинформациала, 2021 шықәса хәажәкыра 18 рзы Ахалцихетәи аклиника “Имеди” аусзу, амедиаҳәшьа Меги Бақраӡе  акоронавирус азы «Астразенека» алаҵа лзыҟаҵан. Алаҵа аҟаҵара 20 минуҭ рышьҭахь лҭагылазаашьа цәгьахеит.

“Аҭыԥ аҿы иҟаз аҳақьым Меги Бақраӡе лыԥсы шмаҷхаз ибеит, аза алеиқәырхаразы акгьы ҟаимҵан, ахәышәтәырҭа ахыбрантә ддәылқит.

Ацхыраара ззадмырԥшыз амедиаҳәшьа Меги Бақраӡе акатастрофа абригада аҳақьымцәа Қарҭ диаргеит, уи “Актәи ауниверситеттә клиникаҿ” данган, аха 2021 шықәса хәажәкыра 19 рзы анафилаксиатә шок адиагноз ала Бақраӡе лыԥсҭазаара далҵит.

Аҳақьыс иганахьала аус хацыркуп 130-тәи ахәҭаҷ аҩбатәи ахәҭа ала, агәҽанымзаарала ауаҩшьразы, ари азы иазыԥхьагәаҭоу хышықәс инаркны хәышықәанӡа аҭакра”, – иазгәарҭеит апрокуратура аҿы.