Апрокуратура алхрақәа раан иҟалар зылшоз аҧаршеира афактқәа рзы аусеилыргара абжьаратә алҵшәақәа цәырнагеит
Қырҭтәыла Апрокуратура алхрақәа раан иҟалар зылшоз аҧаршеира афактқәа рзы аусеилыргара абжьаратә алҵшәақәа цәырнагеит.
Апрокуратруа адыррала, уажәтәи аетапаз, аусеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгоуп 800 раҟара апроцессуалтә усмҩаҧгатәқәеи аусеилыргаратә експериментқәеи, ари апроцесс иалахәын аҳәаанырцәтәи аспециалистцәагьы.
Апрокуратура аинформациа инақәыршәаны, аӡбарҭаҿ аҿахәы амхраан, ашаҳаҭцәа реиҳара ашаҳаҭгақәа рызцәырымгеит, ирҳәоз зегьы џьоукы ражәақәа шьаҭас иҟаҵаны ирҳәон.
Апрокуратура хада аинформациа ишану ала, уажәтәи аетапаҿ ҧшьышәҩык раҟара ашаҳаҭцәа рҿахәы рымхуп, ари апроцесс инагӡоит.
«Қырҭтәыла Апрокуратура алхрақәа раан иҟалар зылшоз аҧаршеира афактқәа рзы аусеилыргара нанагӡоит. Аусеилыргара алҵшәақәа ирызку аинформациа аамҭа-аамҭала ицәыраагоит», — иануп Апрокуратура аҳәамҭаҿы.