Апрокуратура – Акоррупциа аҿагылара иазку Европатәи ахеилак аҳәынҭқаррақәа ргәыҧ Қырҭтәыла апрокуратуразы иҟаҵаз абжьагарақәа инаӡаны инагӡоуп ҳәа ирыҧхьаӡоит
«Акоррупциа аҿагылара иазку Европатәи ахеилак аҳәынҭқаррақәа ргәыҧ Қырҭтәыла апрокуратуразы иҟаҵаз абжьагарақәа инаӡаны инагӡоуп ҳәа ирыҧхьаӡоит», — иануп апрокуратура аҳәамҭаҿы.
Аусбарҭа адыррала, аҳасабырба инақәыршәаны, Акоррупциа аҿагылара иазку Европатәи ахеилак аҳәынҭқаррақәа ргәыҧ Қырҭтәыла апрокурор хада 2022 шықәсазы идикылаз ақәҵара иақәшаҳаҭуп, ари ақәҵара Қырҭтәыла апрокуратура аусзуҩцәа рлеишәатә ҭакҧхықәра ашьаҭақәеи рлеишәатә агхақәеи ирызкуп.
«Дара ишазгәарҭаз ала, зыӡбахәы ҳәоу анормативтә акт ала иҳәаақәҵоуп апрокурорцәа рлеишәатә аилагарақәа ахкқәеи иашьашәалоу алеишәатә лахьыҭареи. Убри ашьаҭала, Акоррупциа аҿагылара иазку Европатәи ахеилак аҳәынҭқаррақәа ргәыҧ Қырҭтәыла апрокуратуразы иҟаҵаз абжьагара рыхәбагьы инаӡаны инагӡоуп ҳәа ирыҧхьаӡоит. Ари ахырхарҭала активтә усура нагӡахоит», — ирҳәеит Қырҭтәыла апрокуратураҿы.