Апрокуратура - Аҳәынҭқарратә интересқәа рыҿагылареи, асаботаж аҽазышәареи, атәым хылаԥшра аҵаҟа иҟоу аиҿкаарқәа аиӷаратә русзура адгылареи ирыдҳәалоу афактқәа рзы аусеилыргара хацыркуп
Қырҭтәыла Апрокуратура хада аинформациа ала, жәабран 8 рзы Апрокуратура Хада аусеилыргаратә ҟәша Аҳәынҭқарратә интересқәа рыҿагылареи, асаботаж аҽазышәареи, атәым хылаԥшра аҵаҟа иҟоу аиҿкаарқәа аиӷаратә русзура адгылареи ирыдҳәалоу афактқәа рзы аусеилыргара хацнаркит 318-тәи ахәҭаҷ актәи ахәҭеи, 19,318-тәи ахәҭаҷ аҩбатәи ахәҭеи, 319-тәи ахәҭаҷи рыла.
Апрокуратура иҟанаҵаз аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, ари ацәгьауразы иазыԥҳьагәаҭоуп хәышықәса инаркны жәашықәса рҟынӡа, иара убас быжьшықәса инаркны жәохә шықәса рҟынӡа аҭакра.
“Аусԥшаара алагара шьаҭас иаман ауаажәларратә еиҿкаара “Иаку анеитралтә Қырҭтәыла” ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла Апрокуратура Хада иаларгалаз арзаҳал.
Қырҭтәыла Апрокуратура хада аинформациа ала, жәабран 8 рзы Апрокуратура Хада аусеилыргаратә ҟәша Аҳәынҭқарратә интересқәа рҿагылареи, асаботаж аҽазышәареи, атәым хылаԥшра аҵаҟа иҟоу аиҿкаарқәа аиӷаратә русзура адгылареи ирыдҳәалоу афактқәа рзы аусеилыргара хацнарки”, – иануп аҳәамҭаҿы.