Апрокуратура афондқәак рбанкттә хыҧхьаӡарақәеи урҭ рҿы ишьҭаз аҧареи рбаандатәра иадҳәаланы аҳәамҭа ҟанаҵеит
Қырҭтәыла апрокуратура афондқәак рбанкттә хыҧхьаӡарақәеи урҭ рҿы ишьҭаз аҧареи рбаандатәра иадҳәаланы аҳәамҭа ҟанаҵеит.
Аҳәамҭа ишану ала, Қырҭтәыла апрокуратура, 2025 шықәса хәажәкыра 17 рзы аӡбарҭа иаднакылаз ақәҵара ашьаҭала, афондқәак Қырҭтәыла ирымоу рбанкттә хыҧхьаӡарақәеи урҭ рҿы ишьҭаз аҧареи баандаҩыртәит. Арҭ афондқәа роуп: «Нанукас Фонди», «Просперити», «Афонд Ертманеҭиствис 24/7», «Сирцхвилиа» , «Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы қарҭтәи аҩны».
Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, арҭ афондқәа рфинанстә усурақәа азин еилазго ауааҧсыреи урҭ рҭаацәарақәеи рыцхраара иазкуп. Арҭ афондқәа рҧарала, азакәан еилазго ауаа рхараҧсақәа ршәоит, иара убас, егьырҭ хаҭалатәи аиҿкааратәи зҵаарақәа рыӡбоит.
«Зыӡбахәы ҳәоу аиуристтә хаҿқәа ари аҧара рхы иадырхәон азакәандаратә ауранагӡаразы, афондқәа реиҳара уажәааны иаартын, 2024 шықәса ҧхынҷкәын азы. Ари аамҭа иалагӡаны, дара 2 000 000 лари еиҳаны инырххьеит. Ари аҧара аиҳара азакәандаратә усмҩаҧгатәқәа рылахәылацәа рыцхраареи, апиротехникеи ацәгьауразы иаҭаху егьырҭ амаҭәарқәеи раахәаразы рхы иадырхәон. Аусеилыргараан ишеилкаахаз ала, зыӡбахәы ҳәоу афондқәа рҧарала аполицаицәа ирықәлоз аҿар апротивогазқәа рзаархәон. Абри азакәандаратә ауранагӡара амшала жәаҩыла аполицаицәа аахақәа роуит», — иануп аҳәамҭаҿы.