Апрокуратура аӡбарала, хықәкыла ауаҩшьреи, ақәлареи, закәандарала ахақәиҭра аҧкреи, закәандарала абџьар аахәареи, аныҟәгареи ахарадҵарала ҩыџьа ахаҿқәа аанкылоуп
Қырҭтәыла апрокуратура хықәкыла ауаҩшьреи, ақәлареи, закәандарала ахақәиҭра аҧкреи, закәандарала абџьар аахәареи, анықәгареи ахарадҵарала ҩыџьа ахаҿқәа ахара рыднаҵеит.
«Аусеилыргараан ишеилкаахаз ала, зыӡбахәы ҳәоу ахаҿқәа, ажьырныҳәа 5 рзы, Жәыргьыҭынтә Местиаҟа ицоз ҩыџьа атәым тәылауаа ирықәлан, амобилтә ҭелқәа рцәырҕьычит. Ақәлараан атәымтәылауаҩк дыршьит. Уи ицыз аҧҳәыс дрыманы, Накри ақыҭа ахырхарҭала идәықәлеит.
Анеҩс, ацәгьауцәа, иршьыз ахаҵа иҧсыбаҩ аӡиас иҭарыжьын, ибналеит.
Ахара зду ахаҿқәа хықәкыла ауаҩшьреи, ақәлареи, закәандарала ахақәиҭра аҧкреи, закәандарала абџьар аахәареи анықәгареи азы ахара рыдуп. Ари ацәгьауразы 16 шықәса инаркны 20 шықәсанӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп», — иануп апрокуратура аинформациаҿы.