Апроект "Арратә лагер 2025" хыркәшоуп
Апроект "Арратә лагер 2025" хыркәшоуп

Атәылахьчара аминистрра иаҵанакуа Гьаргь Анҵухелиӡе ихьӡ зху Асержантцәа ракадемиеи аполковник Бесик Қуҭаҭелаӡе ихьӡ зху  ашьхатә зыҟазҵаразы ашкол аҿы апроект “Арратә лагер 2025” хыркәшуп.

Сынтәа Коџьории Сачхереи иаартыз алагерқәа рҿы Арратә лагер иаднакылеит 10-тәи, 11-тәи, 12-тәи аклассқәа ирҭоу 1700-ҩык аҵаҩцәа.   Алагер апрограммала иазҧхьагәан амцабџьар ахархәаразы азыҟаҵарақәеи, атопографиеи, арратә навигациеи, раҧхьатәи амедицинатә цхыраара аҭареи, ахәра зауз ревакуациеи, иара убас, ахыхьчареи акурси, аинџьныртәи ашьхатәи азыҟаҵарақәеи.