Апортал Sofascore аверсиала,  Гьаргь  Мамардашвили  Евро-2024 аҩбатәи атур иреиҕьу ахәмарҩуп
Апортал Sofascore аверсиала,  Гьаргь  Мамардашвили  Евро-2024 аҩбатәи атур иреиҕьу ахәмарҩуп

Апортал Sofascore аверсиала,  Гьаргь  Мамардашвили  Евро-2024 аҩбатәи атур асимволтә аизга алахәылас дҟалеит.

«Мамардашвили зеиҧшҟамлац ала ибзианы дыхәарит, иара аҩбатәи атур иреиҕьу ахәмарҩуп», —  иануп  апорталаҿ.

Sofascore адыррала, Гьаргь  Мамардашвили   10-баллтәи асистемала 9,8 абалл иоуит.   Уи ашьапылампыласҩцәа зегьы рыгәҭа иреиҕьу арбагоуп.

Аҩбатәи аҭыҧаҿ дгылоуп Германтәыла аизга алахәыла Иозуа Кимих, иара 8,9 абалл иоуит.

Гьаргь Мамардашвили  Чехиа аизгаҟны аматч ссир мҩаҧигеит. Ақырҭуа ахәмарҩы ихәмаршьа иазгәаҭан  УЕФА  аҿгьы, иара аматч иреиҕьу ахәмарҩыс дыҧхьаӡоуп.

Sofascore аӡбарала, Гьаргь Микаутаӡе Европа ачемпионат иреиҕьу ахәмарҩцәа реизга далахәып.