Аполициа аусзуҩцәа рҳәатәы ахаҵамразы Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа аҧхьа 15ҩык аанкылоуп
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа аҧхьа имҩаҧысуа акциа иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.
«Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили иусӡбаратә процесс анымҩаҧысуа аамҭазы аӡбарҭа аҧхьа имҩаҧысуаз акциа закәанла иазҧхьагәаҭоу аҭынчратә акциа аҳәаақәа ирҭыҵит.
Аполициа аусзуҩцәа закәанла иранашьоу азини ахархәагақәеи рхы иадырхәит.
Анеҩс, акциа алахәылацәа Аҕмашенебели имҩаду ашҟа ииасын, амҩа адыркит.
Азинхьчаҩцәа амҩа аартра иазкны изныкымкәа ааҧхьара шыҟарҵазгьы, акциа алахәылацәа ари аҳәара нарымгӡеит», — иануп Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.
Азинхьчаҩцәа, административтә азинеилагаразы 15ҩык ааныркылеит.