Лаҵара 31 рзы Қырҭтәыла аполициа амш азгәарҭоит.
Ари аныҳәа инамаданы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿ имҩаԥгаз ауснагӡатә чыда ааиртит Вахтанг Гомелаури.
Ауснагӡатә рхы аладырхәит Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили, Қарҭ ахада Каха Калаӡе, Қырҭтәыла Аиҳабыреи апарламенти рылахәылацәа, Қырҭтәыла аккредитациа змоу адипкорпус ахаҭарнакцәа.