Апланета Марс ақәныҟәаҩ Curiosity 360 авидео аанашьҭит
Апланета Марс ақәныҟәаҩ Curiosity 360 авидео аанашьҭит

NASA ирыланарҵәеит апланета Марс америкатәи ақәныҟәаҩ Curiosity иаанашьҭыз 360 видео.

Акратер Геил агәҭа иҟоу Марс ашьха Еолида аҟынтәи илбааит Curiosity. Иара уа шықәсык иназынаԥшуа аҭҵаарақәа мҩаԥнагон.

Иааиуа ашықәс азы апланетақәныҟәаҩ иара абри араион аҿы имҩаԥнагараны иҟоуп анышәаԥшьеилазаара аҭҵаарақәа.

Curiosity Марс аҟны аҟазаара иахықәкы хаданы иҟоуп апланетаҿ аҳауа, атмосфера, агеологиатәи агеохимиатәи ҟазшьақәа рыҭҵаара, аӡы аҟазаареи аҟамзаареи рышьақәыргылара.

Еизыркуа адыррақәа ҵаҵӷәыс ирзыҟалоит апланета мышкызны ма иахьазы аԥсҭазаараз ихәарҭоу ихәарҭаму аилкаара.