Аҧсабаразы амилаҭтә агентра - Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара амониторинг жәамш рахь знык жәстанциак рҿы мҩаԥгахоит, аҭҵаарақәа рхыркәшара ашьҭахь ауааԥсыра алҵшәақәа ирызку адыррақәа роуеит
Аҧсабаразы амилаҭтә агентра - Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара амониторинг жәамш рахь знык жәстанциак рҿы мҩаԥгахоит, аҭҵаарақәа рхыркәшара ашьҭахь ауааԥсыра алҵшәақәа ирызку адыррақәа роуеит

Аҧсабаразы амилаҭтә агентра Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара амониторинг иазку аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аҳәамҭа аҿы ишану ала, Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара амониторинг жәамш рахь знык жәстанциак рҿы мҩаԥгахоит, аҭҵаарақәа рхыркәшара ашьҭахь ауааԥсыра алҵшәақәа ирызку адыррақәа роуеит.

“Аинтерес ду иазыхьаганы, Аҧсабаразы амилаҭтә агентра Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара амониторинг жәамш рахь знык жәстанциак рҿы мҩаԥгахоит. Аҭҵаарақәарҳәаақәа ирҭагӡаны,  гәарҭоит Амшын еиқәа аӡы афизик-химиатә параметрқәа, абиогентә елементқәа уҳәа егьрҭ арбагақәа.  Евроеидгыла амшынтә стратегиа ахадаратә директивақәа инрықәыршәаны, Аҧсабаразы амилаҭтә агентра амониторинг асистема еиҕьнатәит. Уажәтәи аетапаз алабораториа еиқәыршәоуп ҳаамҭазтәи ISO 17025 астандартқәа ирышьашәалоу ахархәагақәа рыла. Имҩаҧгаз алабораториатә ҭҵаарақәа инрықәыршәаны, Амшын еиқәа аӡы ахаҭабзиара арбага анорма аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟоупАҭҵаарақәа рхыркәшара ашьҭахь ауааԥсыра алҵшәақәа ирызку адыррақәа роуеит”, – иануп аҳәамҭа аҿы.