Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра хәажәкыра 22 – 24 рзы амш зеиҧшрахо иазкны аинформациа аланарҵәеит
Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра хәажәкыра 22 – 24 рзы амш зеиҧшрахо иазкны аинформациа аланарҵәеит.
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, хәажәкыра 22 – 24 рзы Қырҭтәыла аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит, ашьхараҿ асы ауеит.
„Алышәшәақәа рымшала аӡиасқәа хыҵыр ауеит, ашьхараҿ адгьылҳәазаратә процессқәа иалагар ауеит, аҩар леиуеит. Ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы асыҧса ашәарҭара цәырҵуеит, убри аҟынтә амҩатә цыҧҵәахақәак рҿы аҧкрақәа шьықәдыргылоит“, – иануп Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациаҿы.