Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә  агентра  - Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ  аҳауаҿ аарҧшуп иҕәҕәоу ахәҭа хәыҷқәа, уи Каракумы ацәҳәырантә асаб рацәа аларҵәара иахҟьахазар ҟалап
Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә  агентра  - Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ  аҳауаҿ аарҧшуп иҕәҕәоу ахәҭа хәыҷқәа, уи Каракумы ацәҳәырантә асаб рацәа аларҵәара иахҟьахазар ҟалап

Қырҭтәыла регионқәак рҿы, иара убас, аҳҭнықалақь аҿгьы, аҳауаҿ аарҧшуп иҕәҕәоу ахәҭа хәыҷқәа (РМ10, РМ2,5), уи аҳауа арҟьашьреи   Каракумы ацәҳәырантә асаб  рацәа аларҵәареи иахҟьахазар ҟалап. Ари атәы иануп Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациаҿы.

Агентраҿы ишырҳәаз ала,  аҳауагәаҭаҩцәа ари апроцесс зыхҟьаз амзызқәа реилкаара иаҿуп.

«Абри аҩыза атрансаҳәаатә аҟьашьра ҟалалоит абри аҩыза асиноптикатә ҭагылазаашьаҿы,  уи аметеорологиатә цәырҵроуп.

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра, автоматтә станциақәа рхархарала, атмосфератә аҳауа ахаҭабзиара иахылаҧшуеит.

Изҭаху ауааҧсыра зегьы аҳауа ахаҭабзиара иазку аинформациа абареи амедицинатә абжьагарақәа раиуреи рылшоит атомосфератә аҳауа ахаҭабзиара апорталаҿ», — иануп агентра аинформациаҿы.