Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациала, абҵара 27-28 рзы Қырҭтәыла ақәа ауеит, ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы асы леиуеит
Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациала, абҵара 27-28 рзы Қырҭтәыла ақәа ауеит, ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы асы леиуеит. Ҭыҧқәак рҿы асыҧса ашәарҭара ҟалоит, амшынаҿ 5-6 абалл ашторм иҟоуп.
Аусбарҭа адыррала, ақәоура цәгьа амшала Қырҭтәыла аӡиасқәа хыҵыр ауеит, убри аҟынтә, адгьылҳәазаратә процессқәа иалагар ҟалап.
Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә маҵзура адыррала, асоуреи, асыҧса ашәарҭареи амшала, автомҩақәа рҿы аҧкрақәа шьақәдыргыргылар ҟалап.