Аҧсабара амилаҭтә агентра - Аҳҭнықалақьи араионқәаки рҿы аҳаираҿ ахәҭаҷ кьакьақәа рхыҧхьаӡара ацлеит, уи, бжеиҳарала, атрансҳәаатә арҟьашьра иадҳәалоуп
Аҧсабара амилаҭтә агентра - Аҳҭнықалақьи араионқәаки рҿы аҳаираҿ ахәҭаҷ кьакьақәа рхыҧхьаӡара ацлеит, уи, бжеиҳарала, атрансҳәаатә арҟьашьра иадҳәалоуп

Аҧсабара амилаҭтә агентра аинформациа инақәыршәаны,  ԥхынгәы 18 инаркны,  Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҿы аҳаираҿ ахәҭаҷ кьакьақәа  (PM10, PM2.5) рхыҧхьаӡара ацлоит,  уи,  бжеиҳарала, атрансҳәаатә арҟьашьра иадҳәалоуп, асабатә массақәа раларҵәара иахҟьеит.

Агентра аинформациа ала, Аҧсабара амилаҭтә агентра, автоматтә станциақәа рыла,   атомосфератә аҳауа ацклаҧшра нанагӡоит.

“Дарбанзаалак ауаҩы, атмосфератә аҳауа ахаҭабзиара апорталаҿ, аҳауа ахаҭабзиара иазку аинформациеи агәабзиарахьчаратә абжьагарақәеи иоур илшоит“, – иануп Аҧсабара амилаҭтә агентра аинформациаҿы.