Аҧыза-министри, атәыла ахадеи, апарламент ахантәаҩи, анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра ахаҭарнакцәеи Самеба аныхабаа аҿы қьырсатә Анҵәа имаҵзураҿы иҟан
Аҧыза-министри, атәыла ахадеи, апарламент ахантәаҩи, анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра ахаҭарнакцәеи Самеба аныхабаа аҿы қьырсатә Анҵәа имаҵзураҿы иҟан

Самеба аныхабааҿы қьырсатә литургиа мҩаҧган. Анцәа имаҵзура мҩаҧыргеит Қырҭтәыла Апатриарх Илиа аҩбатәии Сенакии Чхороҵҟуи амитрополит Шио Муџьирии, Синод цқьа алахәылацәеи.

Қьырсатә литургиа иалагаанӡа, Самеба аныхабаа аҭааҩцәа Апатриарх исаламшәҟәы ирзаҧхьеит.

Қьырсатә анцәа имаҵзураҿы иҟан Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии, атәыла ахада Саломе Зурабишвилии, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, анагӡаратәи азакәанҧҵаратәи мчра ахаҭарнакцәеи.