Аҧыза-министри апарламент ахантәаҩи аҳәамҭа еицыҟарҵеит - Ҳгәы зыздуу ҳспортсменцәа рықәҿиарақәа рыхә ашьаразы, аолимпиадаҿы амедалқәа згаз аспортсменцәа зегьы аҳәынҭқарратә анашьамҭазы рықәыргыларазы аӡбара ҳадаҳкылеит
Аҧыза-министри апарламент ахантәаҩи аҳәамҭа еицыҟарҵеит - Ҳгәы зыздуу ҳспортсменцәа рықәҿиарақәа рыхә ашьаразы, аолимпиадаҿы амедалқәа згаз аспортсменцәа зегьы аҳәынҭқарратә анашьамҭазы рықәыргыларазы аӡбара ҳадаҳкылеит

Аҧыза-министри апарламент ахантәаҩи аҳәамҭа еицыҟарҵеит.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, аолимпиадаҿы амедалқәа згаз аспортсменцәа зегьы аҳәынҭқарратә анашьамҭазы рықәыргыларазы аӡбара рыдыркылеит.

“Қырҭтәыла амилаҭтә аизга Аолиммпиатә хәмаррақәа рҿы ақәгылара хыркәнашеит. Парижтәи аолимпиадаҿы ақырҭуа спортсменцәа х-хьтәы медалки,  араӡнытә 3 медалки, аџьатә медалки ргеит, уи аҭоурыхаҿ иреиҕьу алҵшәоуп. Қырҭтәыла аолимпиатә аизга, агәыҧтә аицлабрақәа рҿы  аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа иҳараку, 24-тәи аҭыҧ ааннакылеит. Ақырҭуа олимпицәа абри ақәҿиара ду рыдаҳныҳәалар ҳҭахуп. 

Ҳгәы зыздуу ҳспортсменцәа рықәҿиарақәа рыхә ашьаразы, аолимпиадаҿы амедалқәа згаз аспортсменцәа зегьы аҳәынҭқарратә анашьамҭазы рықәыргыларазы аӡбара ҳадаҳкылеит. 

Гьаргь ацқьа ихьӡ зху аиааира аорден аиуразы иқәыргылоуп аолимпиатә чемпионцәа:

  Лаша Талахаӡе, хынтәны аолимпиатә чемпион, 7-нтәны адунеи ачемпион, 7-нтәны Европа ачемпион;

 –   Лаша Беқаури, 2-нтәны  аолимпиатә чемпион;

 –   Гено Петриашвили, аолимпиатә медалқәа рыхҧагьы згахьоу, адунеии Европеи 2-нтәны  ачемпион. 

 Аҳаҭыртә орден азы иқәыргылоуп  аолимпиатә аҧхьахьқәа згаз:

 –   Тато Григалашвили, аолимпиатә авице-чемпион, 3-нтәны адунеи ачемпион, 3-нтәны Европа ачемпион;

 –   Илиа Суламаниӡе, аолимпиатә авице-чемпион, адунеии Европеи ачемпионатқәа рҿы иакымкәа аҧхьахьқәа  згахьоу;

 –   Гиви Маҷарашвили, аолимпиатә чемпион, адунеи ачемпионатқәа рҿы ҩынтә аҧхьахьқәа згахьоу,  2-нтәны  Европа ачемпион;

 –   Лаша Гурули, аолимпиада аџьазтә медал згаз, адунеии европеи ачемпионарқәа рҿы иакымкәа аҧхьахьқәа згахьоу. 

Қырҭтәыла аолимпиатә аизга алахәылацәа зегьы Қырҭтәыла иазааргаз аиааирақәа рзы даҽазнык ҭабуп ҳәа раҳәаны, ақәҿиарақәа рзеиҕьаҳшьоит”, – иануп аҳәамҭа аҿы.