Аҧыза-министр хабарда иӡыз, Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу ауаа ртәылауаҩратә панихидаҿ дыҟан
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, аиҳабыра алахәылацәа дрыцны, Самеба аныхабааҿы дыҟан, уаҟа 1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз аибашьраан хабарда иӡыз, импыҵахалоу Аҧсны арегионынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу ауаа ртәылауаҩратә панихида мҩаҧган.
Аиҳабыра рнапхгаҩы иҭахаз ауаа ҳаҭырла игәалаиршәан, рҭаацәарақәа дрыдашшылеит.
Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарати Аџьар Ҟаҧшь жәларбжьаратәи комитети русеицура ала, ақырҭуааи аҧсуааи рҽаларахәрала еиҿкааз акоординациатә механизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, уажәазы ииагоу, хабарда иӡыз 11ҩык рыхьӡқәа еилкааны, рыҧсыбаҩқәа рҭаацәарақәа ирыздырхынҳәит, урҭ рҟынтә ҩыџьа арратә маҵзуҩцәа ракәын, егьырҭ 9ҩык аҭынчуаан.
Аҭаацәарақәа рыӡбарала, арҭ ауаа, еиуеиҧшым арегионқәа рҿы, ажәлатә нышәынҭрақәа рҿы анышә иамардоит.