Аҧыза-министр Қырҭтәыла иҟоу Венгриа ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит
Аҧыза-министр Қырҭтәыла иҟоу Венгриа ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Венгриа ацҳаражәҳәаҩ Анна Мариа Шико дылҧылеит.  

Аиҳабыра рнапхгаҩы ацҳаражәҳәаҩ ҭабуп ҳәа леиҳәеит Венгриа жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны еснагь Қырҭтәыла иахьадгыло азыҳәан, иара ишазгәеиҭаз ала,  Қырҭтәыла Евоеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара иазку аҭоурыхтә аӡбара даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит атәыла евроинтеграциа апроцессаҿ ақәҿиара ду шамоу.  

Иракли Кобахиӡе  иажәақәа рыла, Венгриа ари ахырхарҭала Қырҭтәыла адгылара нанагӡап ҳәа дгәыҕуеит, ҷыдала, атәыла аетап ҿыцахь аиасреи Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа ралагареи ианазыҧшу аамҭазы. Иаҵшьны иазгәаҭан Венгриа, Евроеидгыла наҟ-наҟтәи ахантәаҩы тәыла аҳасабала, ари апроцессаҿ  Қырҭтәыла иазаанарҧшуа адгылара аҵакы.