Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Валид Ҳаиа диҧылеит.
Аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧылараҿы аиҳабыра рнапхгаҩы ацҳаражәҳәаҩ ҿыц идипломатиатә миссиа алагала идныҳәаланы, ақәҿимарақәа изеиҕьеишьеит.
Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Израили рыбжьара ишьақәгылаз ашәышықәсарацәалатә аиҩызареи апартниорра ҕәҕәеи. Аганқәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аизыҟазаашьақәа рырҭбааразы иҟоу алшарақәа ирзааҭгылеит. Ари аганахьала ҷыдала иазгәаҭан ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи атуризм аусхкы аҿы аусеицуреи аҵакы.
Хшыҩзышьҭра азун Ааигәатә Мрагылараҿ иҟоу аҭагылазаашьа. Аиҳабыра рнапхгаҩы иаҵшьны иазгәеиҭеит акыраамҭалатәи аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәыршәара аҵакы ду шамоу.