Аҧыза-министр Қырҭтәыла иҟоу Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рыцҳаражәҳәаҩ диҧылеит
Аҧыза-министр Қырҭтәыла иҟоу Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рыцҳаражәҳәаҩ диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Иеиду Араҧтәи Емиратқәа рыцҳаражәҳәаҩ Аҳмед Ебрагим Аҳмед Ҭаҳер Аль Нуаим диҧылеит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр ипрессмаҵзура аинформациала, аиԥылараҿ ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәеи наҟ-наҟ аусеицура аперспективақәа, урҭ рыбжьара ахәаахәҭра-аекономикатә хырхарҭақәа  ирылацәажәеит.

Аусҳәарҭа аинформациала, аиԥылараҿ иазааҭгылеит Қырҭтәылеи Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи рыбжьара ишиашоу аҳауатә аимадара абжьаҵара.