Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Европа аполитикатә аидҵара асаммит ихы алаирхәоит
Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Европа аполитикатә аидҵара асаммит ихы алаирхәоит

Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Британиа Ду имҩаҧысуа Европа аполитикатә аидҵара асаммит ихы алаирхәоит.  Британиа дуи Аҩадатәи Ирландиеи иеиду аҳра аҧыза-министр Кир Стармер 50 раҟара атәылақәа рлидерцәа идикылоит Вудсток ақалақьаҿ, Блунҳаим аханаҿ.

Асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҧыза-министр аенергетикеи аимадареи ирызку апанельтә дискуссиа ихы алаирхәоит.  

Иракли Коабахиӡе аимадара арҭбаара аганахьала Қырҭтәыла инанагӡар алшо ароль ҷыда далацәажәоит.  Иара ишазгәеиҭаз ала, аколлегацәа рацәажәараан зҵакы дуу азҵаарақәа ируакхоит Евроеидгыла арҭбаара азҵаара. 

Европа аполитикатә аидҵара асаммитаҿ излацәажәо азҵаарақәа иреиуп Украина имҩаҧысуа ахҭысқәеи азакәандаратә миграциеи. Асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  атематикатә дискуссиақәагьы мҩаҧысуеит.