Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Узра Зеиа дылҧылеит
Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Узра Зеиа дылҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе атәылауаҩратә шәарҭадареи ауаҩытәыҩса изинқәеи рызҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Узра Зеиа дылҧылеит.

 Аиҧылараҿы Америкеи Қырҭтәылеи рстратегиатә партниорреи акыршықәса ирылагӡаны еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы қәҿиарала аусеицуреи, аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟаз апроблемақәеи ирылацәажәеит.  

Аҧыза-министр ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла аиҳабыра ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа реиҕьтәра ишазыхиоу, ари апроцессаҿ иашьашәалоу ашьаҿақәеи, апрогмативтә, рационалтә азнеишьа иашеи аҵакы ҷыда шрымоу. 

Аиҧылараҿы излацәажәаз азҵаарақәа иреиуп жьҭааразы имҩаҧысраны иҟоу апарламенттә алхрақәеи атәылаҿ алхраҧхьатәи алагылазаареи. Аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит арҭ алхрақәагьы зхы иақәиҭу, жәларбжьаратәи астандартқәа ирышьашәалоу, иаарту, адемократиатә лагылазаара иашаҿ ишымҩаҧысуа.