Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Австриатәи ареспублика афедералтә канцлер Карл Неҳамер диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили раҧхьатәи аофициалтә визитла Австриатәи ареспубликаҿы дыҟоуп. Аҧыза-министр Вена даҭааит Австриатәи ареспублика афедералтә канцлер Карл Неҳамер иааҧхьарала.
Аҧылара аофициалтә церемониа ашьҭахь, Қырҭтәыла аҧыза-министр афедералтә канцлер Карл Неҳамер ишиашо, анеҩс, ирҭбаау аформат аҿы диҧылеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Австриеи рпартниортә еизыҟазаашьақәеи, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла русеицура арҕәҕәареи иалацәажәеит. Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Австриа Қырҭтәыла европатәи аҽазышәарақәа ирықәшаҳаҭуп. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Евроеидгылашҟа алалара апроцесс аҿы ҳаҧхьаҟагьы Австриа адгылара дақәгәыҕуеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа ҷыдала иазааҭгылеит Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьара азҵаара. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, европатәи аперспектива анашьара иазку аӡбара Қырҭтәылазы аҭоурыхтә ҵакы амоуп. Убри ала, Европатәи ахеилаки Евроеидгыла иалоу атәылақәа рлидерцәеи даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит Қырҭтәыла аҧеиҧш Евроеидгыла ишадҳәалоу. Атәыла, акандидат астатус аиуразы, Евроеидгыла абжьагарақәа зегьы нанагӡоит.
Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Австриатәи Аҿиара агентреи (ADA) рыбжьара қәҿиарала инагӡо апартниорра. Агентра алагала ду ҟанаҵеит атәылаҿы амбициатә реформақәа рымҩаҧгара апроцесс аҿы, лымкаала, Қырҭтәыла арегионалтә аҿиараҿы.
Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәа ирыҵаyакәа азҵаарақәа рацәа ирзааҭгылеит, урҭ иреиун ахәаахәҭреи аекономикеи рҿы аусеицуреи, атуризми, аенергетикеи, иара убас, Қырҭтәылеи Австриеи ррегионқәа рыбжьара аусеицура арҭбаареи.
Аҧыза-министр Австриатәи ареспублика афедералтә канцлер ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла евроинтеграциеи, ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.
Иракли Ҕарибашвили Карл Неҳамер, аҭактә визитла Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.